Арадио

Қәираиа: атәыла ахадарахьы инеиуа амал акәымкәа, ажәлар дрызхәыцуа дҟалароуп

Ауаажәларратә палата алахәыла Едуард Қәираиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит атәыла ахадарахьы инеиуа ажәлар реидкылара илшароуп ҳәа.
Sputnik
Қәираиа: атәыла ахадарахьы инеиуа амал акәымкәа, ажәлар дрызхәыцуа дҟалароуп

"Ирацәаҩуп ажәлар реидкылара аҭахуп ҳәа агәаанагара змоу, уи иалацәажәо, аха уи ажәаны иаанхоит, уи анагӡара уадаҩзар акәхап. Дарбанзаалакгьы атәыла ахадарахьы инеиуа "Аԥсны зегьы шәҭышны иҟалароуп" ҳәа дхәыцуазар ауп. Ҳтәылаҿы ирацәоуп иҵәаху, ицәырҳамгац амал, уи ашьха иҟоуп, адгьыл иҵоуп, абри азы иқәԥоз рыда рҽыҵәахы аӡә дыҟоушәа збоит, абарҭ рхы иадмырхәакәа, ажәлар иалырхуа апрезидент дҟалароуп иашьагьы иаҳәшьагьы дизымдыруа, абриаҟара амыҟәмабарақәа зыхьҟьаны иахьанӡа иааиз, зыжәлар аиқәырхара зылшаз ҳәа ихәыцуа. Ажәлар ииашаны реидкылара зылшо, урҭ ирызхәыцуа днеиуазароуп. Зегьы акомандақәа аԥарарҳара ирызку командахеит, ажәлар ирызхәыцуа ҳәа маҷхеит", - ҳәа иҳәеит Қәираиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: