Аҳәынҭқарратә Дума Мишустин Урыстәыла аԥыза-министрс икандидатура иақәшаҳаҭхеит

Афракциа "Единая Россия" анапхгаҩы Сергеи Неверов иҳәеит Дмитри Медведеви иареи реицәажәараан Михаил Мишустин икандидатура апартиаҟны иадгыларц аҳәара ҟаиҵеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа аԥыза-министрс Михаил Мишустин икандидатура иақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абри азы рыбжьы арҭеит 383 депутат, аӡәгьы даҿамгылеит, 41-ҩык абжьыҭара рҽацәхьаркит.

Михаил Мишустин иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҳәынҭдумаҟны иаадырԥшыз адгыларазы, иагьреиҳәеит иаԥхьаҟа аус шрыциуло.

"Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа ахада, шәара иаашәырԥшыз адгыларазы, шәгәы иҵхо азҵаарақәа зегьы шәахьрылацәажәаз азы. Ажәа шәысҭоит Дума, афракциақәа, аилакқәа зегьы аус шрыцҳауло, ҳнапы злаҳкуа азҵаарақәа зегьы рзы ҳаҽшаҳшәымаадало", - иҳәеит Мишустин.

Афракциа "Единая Россия" еицҿакрыла Михаила Мишустин икандидатура иадгылеит. ЛДПР анапхгаҩы Владимир Жириновски иажәақәа рыла, алиберал-демократиатә партиа алахәылацәа реиҳараҩыкгьы Мишустин изы абжьыҭара рыгәҭакын. КПРФ абжьыҭара рҽацәхьаркит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: