Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит

Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ацаразы аӡбамҭа рыдкылан Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭа ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит ҳәа аԥыза-министр Дмитри Медведев иажәақәа ҵаҵӷәыс иааго иаанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, сколлегацәа, шәара зегьы шаҳаҭс шәыҟоуп Урыстәыла ахада Афедералтә еизарахь иҟаиҵаз анашьҭымҭа. Владимир Владимир-иԥа атәылаҿ аԥыжәара змоу аусурақәа рыдагьы, Аконституциа аԥсахрақәа алагалара дазхьаԥшит. Арҭ аԥсахрақәа анрыдыркылалак ашьҭахь, атәыла амчраҿы – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, аӡбарҭатә мчрақәа рҿы аиҭакрақәа цәырыргоит. Абри аан ҳара, Урыстәыла аиҳабыра атәыла ахада иаҳҭароуп иахәҭаны иҟоу аӡбарақәа рыдкыларазы алшара. Ииашоуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит Урыстәыла Аконституциа ахәҭаҷ 117 инақәыршәаны атәыла аиҳабыра ишеибарку ԥхьатәара ицарц", - иҳәеит Медведев Путин иԥылараан.

Владимир Путин атәыла аиҳабыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы, Аминистрцәа Реилазаара ҿыц аиҿкаараҟынӡа рнапынҵақәа нарыгӡаларц дрыҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Путин иҳәеит "Ан лмал" ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо