Владимир Путин Михаил Мишустин Урыстәыла аԥыза-министр имаҵура идигалеит

Владимир Путин Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Михаил Мишустин ԥыза-министрс иҟаларазы икандидатура Аҳәынҭқарратә думахь ирыдигалеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Михаил Мишустин ԥыза-министрс иҟаларазы икандидатура Аҳәынҭқарратә думахь ирыдигалеит ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит

Уаанӡа Дмитри Медведев иҳәахьан атәыла аиҳабыра шынеибарку ԥхьатәара ишцо, Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭа ашьҭахь. Уи аҟны Урыстәыла ахада иҳәеит апарламент аиҳабыра ашьақәыргылараҿы аҭакԥхықәра ду рыдлараны ишыҟоу.

Иара убас Аҳәынҭқарратә Дума аԥыза-министр икандидатура адгалара мацара акәым, уи ишьақәырӷәӷәарагьы рхахьы иргар азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Анаҩс еилкаахеит Урыстәыла ишыҟало Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵзура. Уи Владимир Путин Дмитри Медведев идигалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: