Гыцба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусуразы: ҳнапқәа еибаркны иҳалшо рацәахоит
© Sputnik
"Ҳара иҳагәҭакуп ҩнаҭацыԥхьаӡа анеира. Ҳаибабалароуп. Ҳаибадырроуп. Уи азы Америкагьы ҳцарц ҳгәы иҭоуп, уа ирацәаны ҳџьынџьуаа нхоит. Иҳамоу аимадарақәа иаҳа иҳарҭбаарц, уа аҟәшагьы аартны аус ҳауларцаз. Егьырҭ атәылақәа, ҳџьынџьуаа ахьынхо аҭыԥқәа рахь ҳнеира азгәаҭоуп. Уи анаҩс ҳусура еиҭа иӷәӷәахарцаз усмҩаԥгатәқәа ҳрызхәыцуеит. Абыржә ҳазҭалаз ашықәс ҿыцаз иҳамоу апроектқәа Аԥсны иадҳәалахоит, еиҳарак ақыҭа. Аҭыԥантәи аҟәшақәа еиҭа иааҳартуеит. 19 цыра ҳамоуп иахьазы. Ҳхықәкы ҳада ақыҭаҿы ирымоу апотенциал аилкаара, ахархәара. Ҳнапқәа еибаркны иҳалшо рацәахоит. Иҳауз аԥышәа ҳхы иархәаны аус ҳнапы аҳаркыр ҳҭахуп аԥсуаа реидкыларазы", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.