АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аиааира амшныҳәахь иааиԥхьеит Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) атәылақәа рхадацәа ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
"Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус адулоуп аиубилеитә уснагӡатәқәа рыплан. 2020 шықәса лаҵара 9 рзы Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) атәылақәа ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа рыӡбрала Аиааира Апарад аан Ашҭа ҟаԥшь иқәсуеит арҭ атәылақәа рырратә контингентгьы", - аҳәоит асаит адырраҭараҿы.
Аиааира 75-шықәса ахыҵра азгәаҭарахь иааԥхьоуп: Франциа, Китаи, ЕАА, КНДР, Индиа, Пакистан рхадацәагьы.
2020 шықәса лаҵара 9 рзы иҵуеит 75 шықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны аиааира ргеижьҭеи. Хәышықәса раԥхьа ари аныҳәамш аҽны Москваҟа иааиит 23 ҳәынҭқарра.