Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза 2019 шықәса рзы 6,77 миллион пассаџьыр аднакылеит

2019 шықәса рзы Шәачатәи абаӷәазахь аԥырра иалагеит аамҭакала аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа иакымкәа иҩбамкәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18– Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Шәача ахатәы рекорд иаԥнагеит апассаџьырцәа рымҩангаразы ҳәа аанацҳауеит аҳаиртә баӷәаза апресс-маҵзура.

Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза 2019 шықәса рзы 6,77 миллион пассаџьыр рымаҵ ауит. Ари 2018 шықәса иаҿурԥшуазар 7% рыла еиҳауп. Усҟан амаҵзура рыҭан 6,35 миллионҩык.

2019 шықәса рзы Шәачатәи абаӷәазахь аԥырра иалагеит аамҭакала аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа иакымкәа иҩбамкәа – EL AL, iFly, Flydubai. Ахырхарҭа ҿыцқәаны иҟалеит: Дубай, Шэньчжэнь, Апатиты, Брянск и Псков.

Асаммит "Россия – Африка" амҩаԥысраан Шәачаҟа иааиит 47 ҳәынҭқарра рхадацәеи 4000-ҩык рҟынӡа аофициалтә делегациақәа рлахәылацәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: