Есышықәса, ажьырныҳәа 20 рзы иазгәарҭоит 2009 шықәсазы ишьақәыргылаз Ҟрым Аҳәынҭқарра амш, анаҩс 2014 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәан закәанла.
"Ҟрым иахьа аҿиара амҩа иануп. Ҳколлегацәеи ҳареи ҳанеиԥылоз, ҳанеицәажәоз иумбар залшомызт ишырацәоу акультуреи аҭоурых аганахьала аиԥшрақәа. Дара ирацәаны ирымоуп археологиатә баҟақәа, архитектуратә баҟақәа. Аҳәынҭқарра апрограммаҿы ихадоу ҳәа иалкааны иҟоуп акультуратә ҭынхеи атуризми реигәныҩра, русеицура. Даргьы ҳара ҳаиԥш иашьҭоуп атуризм аҿиара, акультуратә маршрутқәа иаҳа-иаҳа идырҭбаауеит. Адунеи есҽны аҽаԥсахуеит, еснагь ҿыцрақәа ҟалоит, Ҟрымгьы ажәытә еиқәырхо аҿыцра алагало аҿиара иаҿуп. Уи аҿы аҭыԥ ду аанакылоит атуризмеи акультуреи", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсныи Ҟрыми реиҭанеиааира паранла еидҳәалахар ҟалоит
Арсалиаԥҳа: акультуратә зхаҵара азҵаараҟны Ҟрыми Аԥсныи еилыибакаауеит