Ахԥҳа еиҭалҳәеит аԥшаҳәа иахьаду аҵаақәа ианырзыԥшу атәы
© Sputnik
"Ҳазҭоу амчыбжь акыр иҭышәынтәалоуп уҳәар алшоит, избанзар иӷәӷәоу мышцәгьак ҳбом, аха арыцхә 23-24 рзы ҩадантәи ахьҭа лыбаауеит. Аҳауаеиҿагыларақәа ирыхҟьаны зны ақәа еизаданы илеиуеит, нас ақәаршҩы ахь ииасуеит, аԥшаҳәа иахьаду адгьылқәыԥшыларақәа ахьеиԥшым иахҟьаны иналак-аалакны ақәабаа-сабаа леир алшоит, ашьхарахьы асы. Амза 24-25 рзы иаҳа ихьҭахоит, аԥшаҳәа иахьаду 2-3 градус иҵаар алшоит. Ианар азы иаҳа ианыхьҭоу 4-5 инаркны 10 градуск рҟынӡа иҵаар алшоит, аха аҵыхәтәантәи 20 шықәса ус еиԥш ҟамлацт. Ҳазҭоу амза анҵәамҭазгьы 30-31 рзы ақәабаа-сабаа, асы леиуеит ҳәа ҳгәы иаанагоит", - лҳәеит Ахԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Aԥсны аефир.