Ҭырқәтәыла 6,8 балл адгьылҵысра ҟалеит жәабран 24 рзы асааҭ 21 рзы еиԥш. Атәыла мрагыларатәи апровинциақәа ҩба рҟны иҟалаз адгьылҵысраан 21 ҭахеит, зықьҩык инарыцны ааха роуит ҳәа адыррақәа ыҟоуп. Адгьылҵысра рнырит Ҭырқәтәыла егьырҭ апровинциақәа, иара убас Ираки Шьамтәылеи.
Аҟәысба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иҟанаҵаз ааха атәы
© Sputnik
"Адгьылҵысра ахьыҟалаз аԥсуаа ахьынхо араионқәа иреиуаӡам, Анатолиа агәахьы Ирани Ираки иаҳа иахьырзааигәоу аҭыԥқәа роуп. Иҟоуп иҭахаз, аха аԥсуаа уахь аӡәы дцаны дыҟан, машәырны ааха иоуит ҳәа уажәраанӡа акгьы ҳмаҳацт", - иҳәеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.