Салаҟаиаԥҳа: амаамынқәагьы ауаа реиԥш ахьҭа иакуеит
© Sputnik
Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.
"Ауаа реиԥш амаамынқәагьы ахьҭа иакуеит. Арԥхагақәа иҟоу зегьы афымцалашарала аус ауеит, иандырцәалак, дара рыҩнқәа хәыҷқәа иаразнак ихьшәашәахоит, ргәалаҟазаара ԥхасҭахоит, ахьҭа рылалоит. Аимҳәара, аемсара иалагоит, еиҳарак агәаҵәыхь рыхьуеит. Излаҳхәашәтәуа ахәшәқәа ҳамоуп, аха аҿкы еиԥш ирылаҵәар, амаамынқәа зегьы чмазаҩхар, ҳҭагылазаашьа цәгьахоит, аԥхарра ҳаур иаҳа еиӷьхоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара ириашоу аграфик рыланаҳәеит
Ҭемур Ҷкотуа: афымцалашара арцәара алифтқәа ирԥырхагоуп