Арадио

Ҳаразиа еиҭеиҳәеит аамҭала алашара арцәара атроллеибусқәа русура ишаныԥшыз

Амуниципалтә унитартә наплакы "Атроллеибустә усбарҭа" афымца аҟәша аиҳабы Александр Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аамҭала афымцалашара арцәара атроллеибусқәа русура ишаныԥшыз атәы.
Sputnik
Ҳаразиа еиҭеиҳәеит аамҭала алашара арцәара атроллеибусқәа русура ишаныԥшыз

Ари амчыбжь инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Егрытәи афымцастанциа аусура алзыршо Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

"Асааҭ хԥа инаркны хәба рҟынӡа аҩбатәи амаршрут Турбаза аганахь лашарада иаанхоит, атроллеибусқәа гылоуп. Алашарбага аҳаблахь асааҭ хәба рынахыс алашара ыҟаӡам, убри аҟынтәи ари ахырхарҭахь Ҭҳәыбынынтә аџьармыкьа аҟынӡа иаауеит атроллеибусқәа. Актәи ахԥатәи амҩалкаақәа рахь Аҳабла ҿыци Ажәытә ҳаблеи рахь атроллеибусқәа аус руеит, аха хәыҷык иманшәалам. Ахәылбыҽха асааҭ хәба инаркны 7 рҟынӡа алашара ҳазҭо ҳастанциа маҷқәа руак дырцәоит, анаҩс егьи 7 инаркны 9 рҟынӡа. Уи атроллеибусқәа рныҟәара иаԥырхагоуп, иаҳа имаҷны аус руеит. Апассаџьырцәа рзы хәыҷык иманшәалам, аха макьана анхамҩахь инеины аӡәы дашшо исмаҳацт. Иаахҵәаны иуҳәозар, ҽынла асааҭ хԥа инаркны  ахәылбыҽха жәбанӡа аԥырхага ду ҳамоуп. Атроллеибусқәа рныҟәцаҩцәа алашара ахьыцәыз уа иаанхоит, ҩ-сааҭк  изеиҭаҵӡом.  Уажәтәиала амш бзиоуп, аха хьҭак, ҵаак ҟалар, ҩ-сааҭк атроллеибус уҭатәаны аԥшра маншәалам. Ус ҳақәшәеит, иҟаҳҵагәышьари?", - иҳәеит Ҳаразиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: