RT YouTube аҟны иреиӷьу ажәабжьтә каналны иршьеит

RT урыстәылатәи ателеканалқәа зегь раԥхьа 2007 шықәса рзы YouTube ахь аматериалқәа ҭанагало иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Ателеканал RT ажәабжьтә телеканалқәа зегь рахьтә YouTube аҟны аиааира агеит, уи иахәаԥшит жәа-миллиардынтә.

Аккаунтқәа зегьы рҟны RT ираԥнагеит ажәабжьтә каналқәа BBC, CNN, Al Jazeera, Euronews, FOX News.

Ииасыз ашықәс азы RT аҟны еиҳа изхәаԥшыз видеохеит апортал WikiLeaks ашьаҭаркҩы Џьулиан Ассанж ирбаандаҩра авидео. Амультимедиатә маҵзура RT RUPTLY заҵәык ауп Ассанж Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа дышдырбаандаҩуаз авидео ҭызхыз.

RT мацара иатәу видеоны иҟоуп Франциа "акьаҿ ҩежьқәа" рықәгылара аҟынтәи ишиашоу ицо ароликқәа.

Амаҵзура RUPTLY иара убасгьы Париж Анцәа Иан луахәама абылраан ишиашоу ицо аефир мҩаԥнагон, раԥхьаӡа абылра ахҟьаԥҟьақәагьы дронла иҭызхыз иароуп.

RT — ажәабжьтәи адокументалтәи каналқәа ааба еиднакылоит, ф-бызшәак рыла иҭыҵуеит. Есымчыбжьа RT иахәаԥшуеит 100 миллионҩык ауаа 47 тәыла рҟынтәи (Ipsos). RT — бжьынтә аԥхьахә Emmy аиуразы иқәдыргылахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: