Урыстәыла аиҳабыра коронавирус ишәарҭоу чмазароуп ҳәа рыланаҳәоит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Китаи ачымазараҿкы рымоуп 14 380-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 304-ҩык, ахәышәтәырҭаҟынтәи илырҩаахьеит 328-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 3- Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра коронавирус 2019-nCoV ишәарҭоу чмазароуп ҳәа рыланаҳәеит.

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц - 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Коронавирус иахҟьаны Китаи жәҩык ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит

Аҭагылазаашьа зегь раасҭа иуадаҩуп Китаи.

Китаи акоронавирус ацәырҵреи алаҵәареи дунеитә рыцҳароуп иҳәеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус. Убри аан иара иазгәеиҭеит авирус аанкылара рылшап ҳәа агәаанагара шрымоу.

Акоронавирус Китаи ацәырҵра иахҟьаны Урыстәыла ажьырныҳәа 30 инаркны КЖәР атәылауаа рвизақәа рыдкылара иаҟәыҵит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагеит Китаиҟа ацара рҽацәхьаркырц. Уи адагьы атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Мрагылара Хараҟны аҳәаа аркра. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

Иара ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лнапы ианиҵеит есыҽны ауаа иҟоу аҭагылазаашьази авирус аҽацәыхьчашьази адырра рылҭаларц.

Ажьырныҳәа 30 рзы Китаи иаанымхеит провинциак авирус ахы ахьцәырнамгаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: