Агрба еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Гаграа рзы ихҭыс бзианы иҟалаз атәы
© Sputnik
"Гагра араион амчыбжь иалагӡаны иалукааша ахҭысқәа рацәамызт, сара иалскаар сҭахуп аиҭашьақәыргыларақәа рнаҩс ааигәа аусура ицызҵаз ахәыҷбаҳча "Мрамза". Ари даара акрызҵазкуа хҭысуп ҳақалақь аҟны инхо рзы, избанзар иҳамоу ахәыҷбаҳчақәа ҩба рҟынтәи акы аҟны аусурақәа цон ԥхынгәы 2019 шықәса аахыижьҭеи, ҳазыԥшын, аусура иалагеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа алыршан аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала. Ахәыҷбаҳча 150-ҩык раҟара ахәыҷқәа аднакылоит. Даҽа хәыҷбаҳчак ҳмоур ҟалом, 200 –ҩык раҟара ахәыҷқәа ахьцаша, избанзар, иахьа ақалақь аҟны иҳамоу ҩба ҳазхом. Бзыԥ аҳаблаҟны ҩба ҳамоуп ахәыҷбаҳчақәа, Пицунда иҟоу макьана аусура иаламгацт, Цандрыԥшьгьы ак ҳамоуп", - иҳәеит Агрба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.