Амшынеиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аԥшаӷьы "Петра" иазыԥшуп

Ҩымш ирықәуп Ҟәбан иахьаҵанакуа амшцәгьа ыҟоижьҭеи, аӡиасқәа рыҭра иҭыҵны иқәуижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥшаӷьы "Петра" Краснодартәи атәылаҿацә Амшынеиқәа аԥшаҳәаҿы иазыԥшуп.

Аԥша аццакра секундк ала 15-25 метра инаӡоит. Иара иамҽханакраны иҟоуп Новороссииск инаркны Шәачанӡа.

Аԥша аҽармаҷыр ҟалоит жәабран 6 амш аҩбатәи ахәҭаан.

Уаанӡа "Петра" Европа даара икыднаҟьеит. Германиа аӡқәа хыҵит, Швеицариа, Хорватиа, Сербиа – аԥшаӷьы аҩнқәа хнашәеит, аҵлақәа канажьит, Ҭырқәтәыла асы леиит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: