Асыԥсалеира иахҟьаны Ҭырқәтәыла ауаа ҭахеит

Раԥхьатәи асыԥса иаҵахаз ауаа реиқәырхараз уахь инеиз аиқәырхаратә маҵзурақәа русуҩцәагьы аҩбатәи асыԥса ихнаҩеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла мрагыларатәи апровинциа Ван аҿы асыԥсалеира иахҟьаны иҭахеит 33 –ҩык ҳәа аанацҳауеит Sputnik Turkey.

Раԥхьатәи асыԥса иаҵахаз автобус маҷ иҭаз хәҩык ауаа реиқәырхараз уахь инеиз аиқәырхаратә маҵзурақәа русуҩцәагьы аҩбатәи асыԥса ихнаҩеит.

Адыррақәа рыла автобус маҷ аҟынтәи хҩык ҭахеит, ҩыџьа хабарда ибжьаӡит. Егьырҭ иҭахаз зегьы аиқәырхаҩцәа роуп.