Иԥсҭазаара далҵит Голливуд алегенда Кирк Дуглас

Кирк Дуглас иналукааша арольқәа дыхәмарит акиносахьақәа "Спартак", "Тропы славы", "Чемпион", "Злые и красивые", "Жажда жизни" рҟны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Еицырдыруа америкатәи актиор Кирк Дуглас 104-шықәса дшырҭагылаз аԥсҭазаара далҵит ҳәа Instagram аҿы иҩуеит иԥа, 75-шықәса зхыҵуа Маикл Дуглас.

"Адунеи зегьы легендак аҳасабала ихәаԥшуан, акино ахьтәы аамҭа датәын. Сареи, сашьцәа Џьоели Питери ҳзы даб бзиан, Кетрин лзы— дабхәа бзиан, имоҭацәа рзы еиӷьыз абду дыҟамызт, иԥҳәыс Енн лзы иреиӷьыз хаҵан, ҩызан", - иҩуеит Маикл.

Кирк Дуглас иналукааша арольқәа дыхәмарит акиносахьақәа "Спартак", "Тропы славы", "Чемпион", "Злые и красивые", "Жажда жизни" рҟны.

Актиор хынтә америкатәи акиноԥхьахә аиуразы дықәыргылан. 1996 шықәса рзы ианашьахеит "Оскар" акинематограф аҿы илшамҭақәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: