Китаи акоронавирус иахҟьаны 638-ҩык ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит

Китаитәи амчрақәа ԥхынҷкәын 31, 2019 шықәса рзы алаҳәара ҟарҵеит идырым ачымазарахк ахы цәырнагеит ақалақь Ухань аҿы ҳәа. Аҟазауаа ишьақәдыргылеит ачымазара цәырызгаз коронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV шакәу.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Акоронавирус иахҟьаны иахьазы Китаи 636-ҩык ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит, 31161-ы ачымазара рылаҽуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи илҩаауп 1540-ҩык ауааԥсыра.

РИА Новости ишаанацҳауа ала, 26,4 нызқьҩык ачымазара рымоуп ҳәа агәҩара ыҟоуп. 186 нызқьҩык ачымазара змаз ирныруаз агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла 524-ҩык ачымазара иахҟьаны иԥсхьан.

Аҵарауаҩ акоронавирус алаҵәар шалшо атәы еиҭалҳәеит

Китаи анапхгара официалла ирҳәеит авирус ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь еиҭаиасуеит ҳәа. Убри аан иара еиҳарак ииасуеит ҳауала. Амедикцәа авирус еиҭа аҽаԥсахыр ҟалоит ҳәагьы рҳәоит.

Ачымазара еиҳа ихьанҭаны ирхыргоит ахәыҷқәеи абыргцәеи, иара убасгьы агәыхьи аԥсакреи змоу.

Астратегиатә планмҩаԥгара Ацентр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Герман Шипулин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла авакцина шаԥырҵо, аха иара аԥҵара шықәсыбжак аҟынӡа иадхалоит. Жәабранмзазы акоронавирус аарԥшразы аекспресс-тест аԥҵахоит иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи.

Акоронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV Китаи аҳәаақәа ирҭыҵны Алада Кореиа, Иапониа, ЕАА, Таиланд инеихьеит. Ахабар рбахьеит Сингапур, Гонконг, Австралиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: