АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Мызкы аҩныҵҟа акоронавирус иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара еиҳахеит 2002-2003 шықәсқәа рзы игәараз аҿкычымазара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара аасҭа.
Акоронавирус иахҟьаны Китаи иҭахаз рхыԥхьаӡара 811-ҩык инаӡоит, Гонконги Филиппины аӡәаӡәа ԥсхьеит. Аинфекциа рыманы иԥхьаӡоуп 37,1 нызқьҩык. Ибзиаханы ахәышәтәырҭақәа ирылырҩаахьеит 2649-ҩык. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы егьырҭ атәылақәа рҟынгьы ачымазара змоу аарԥшуп.
Китаи анапхгара официалла ирҳәеит авирус ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь еиҭаиасуеит ҳәа. Убри аан иара еиҳарак ииасуеит ҳауала. Амедикцәа авирус еиҭа аҽаԥсахыр ҟалоит ҳәагьы рҳәоит.
Ачымазара еиҳа ихьанҭаны ирхыргоит ахәыҷқәеи абыргцәеи, иара убасгьы агәыхьи аԥсакреи змоу.
Астратегиатә планмҩаԥгара Ацентр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Герман Шипулин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла авакцина шаԥырҵо, аха иара аԥҵара шықәсыбжак аҟынӡа иадхалоит. Жәабранмзазы акоронавирус аарԥшразы аекспресс-тест аԥҵахоит иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи.
Акоронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV Китаи аҳәаақәа ирҭыҵны Алада Кореиа, Иапониа, ЕАА, Таиланд инеихьеит. Ахабар рбахьеит Сингапур, Гонконг, Австралиа.
Жәабран 3 инаркны "Урыстәыла аихамҩақәа" Китаии Урыстәылеи реимадара ааннакылоит. Жәабран 14 инаркны ачартертә реисқәа ԥкхоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵарауаҩ акоронавирус алаҵәар шалшо атәы еиҭалҳәеит
Китаи акоронавирус иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 425-ҩык