"Аԥсны иҟоу ауахәамақәа рхыԥхьаӡара зынӡа инҭырҳәцааны адырра уадаҩхеит. Асиа иануп 50-60, ииашаҵәҟьаны шаҟа ыҟоу, абри еизаагап ҳәа аидеиа ҳауит. Археолог Галина Требелева лхахьы илгеит абаагәара, мамзаргьы аныхабаа злашьақәыргылоу ашьыхгақәа рыла анализ аҟаҵара. Сара алитератураҿы ианым, аплан ахҩылаара иахьа еиқәханы иҟоу иахьынӡаҟоу, нас иара зеиԥшу типла иззаигәоу аматериал аизгара. Хымԥада лара иҟалҵаз анализи иареи еиҿырԥшны аҿырԥштәқәа иаазгози аамҭа реизаркьаҿра. Иаҳҳәап, ирҳәозҭгьы афбатәи-ажәабатәи ашәышықәсқәа ҳара афбатәи-абыжьбатәи аҟынӡа иҳаркьаҿуан. Ҳалагеит Аԥсны мраҭашәаратәи аган ала. Гагра, Цанрыԥшь уҳәа ааигәа-сигәа иҟоу ауахәамақәа, зыӡбахә аадыруазгьы иаҳзымдыруазгьы ҳцан акакала игәаҭаны, ишәаны изаны, ҳнапала асахьа ҭыхны, ахҩылаара аҭыԥаҿ ҳнеины игәаҭаны, анализ азы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟнытә аҟәырҷахақәа ганы, анализқәа еицҵаны аматериал еидаҳкылеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.
Сақаниа иажәақәа рыла, егьырҭ акаталогқәа иреиԥшымкәа иҟазҵаз акакәны иҟоуп, аҭоурыхтә баҟа атәы зҳәо алитература ԥшааны, авторцәа арбаны ашәҟәы иахьагәыло.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ашәба: Аԥсны игылақәо ауахәамақәа зегьы ацқьацәа рыхьыӡ ахуп
Мысратәи аныхабаа - аԥсуа уахәамакәа рархитектура иабырлашцыроуп