Арадио

Гогәуа: ҳауаажәлар ирацәаны ацхыраара рҭахуп, уи хәышықәса рыҩныҵҟа иаабеит

Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аусура ахырхарҭа хада атәы.
Sputnik
Гогәуа: ҳауаажәлар ирацәаны ацхыраара рҭахуп, уи хәышықәса рыҩныҵҟа иаабеит

Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ҳтәылаҿы аус ауеижьҭеи хәышықәса ҵит. Ари аамҭа иалагӡаны иара агәыҳалалратә хықәкқәа рзы 55 миллион мааҭ нанашьҭит.

"Ҳара зегь раԥхьа аусура ҳаналага ихадоу проблеманы иҳаԥхьаӡаз адемографиа ауп. Убри аҟнытә хәышыкәса рыҩныҵҟа еиҿаҳкааз апроектқәа зегьы уи иадҳәалоуп. Аҵара, адәныҟатәи политика, аекономика, агәабзиарахьчара, абарҭ зегьы уанрыхәаԥшуа адемографиа иадҳәалоуп. Ажәлар ирымазароуп уаҵәтәи амш азы агәыӷра. Убри аҟнытә иҳалымшаз иаҳа ирацәоуп иҳалшаз аиҳа. Сара хәышықәса рыҩныҵҟала избаз, исоуз аԥышәала исҳәар сылшоит ирацәаҩны ҳауаажәлар ацхыраара рҭахуп. Адәахьы аџьыԥқәа аахәаны иақәтәазар, зегьы ус еиԥш алшара рымоуп ҳәа џьаҳшьом, шәаргьы ус иџьышәымшьан. Иахьа ақыҭақәа рҿы инхо Аԥсны еиуеиԥшым аҭаацәаракәа ацхыраара рҭахуп. Ауаа зегьы аԥара рыҭарала уи проектым, уи ала иаҳҭаху алыҵшәа ҳауӡом. Раԥхьа ҳалагеит "Ани амаалықьи" захьӡу апроект ала, ҳауаажәлар даара иргәаԥхеит. Есышықәса иаҳа-иаҳа ирацәаны ауаа ааиуеит, иара убри алагьы адемаграфиатә ҭагылазаашьа ишеиӷьхо ҳбоит. Иахьанӡа 3800 рҟынӡа Аԥсны инхо ҿыц ииз аҭаацәа убри аҳамҭа раҳҭахьеит. Апроект "Аԥеиԥш" аҩныҵҟа ахәыҷырацәа змоу аԥсуа ҭаацәа ацхыраара раҳҭоит. Убри иаҳнарбеит, ажәытәан аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ахәыҷырацәа ахьыҟоу аҭаацәа, ус еиԥш Анцәа иҳаиҭааит, аха урҭ ирымоума алшара урҭ ашкол ахь ицаратәы, агәабзиара аганахьала аҳәынҭқарра аҟнытә адгылара роуртә еиԥш, ианаҭаххо аамҭазы Шәача ма Москва ицаратәы. Ирымаӡам хымԥада, аха аҳәынҭқаррагьы уи иазыӡбаӡом, убри аҟнытә урҭ аҭаацәарақәа комплексла ацхыраара рыҭара азыҳаӡбеит. Уи алагьы есымза ҳауаажәлар Гагра инаркны Галынӡа ацхыраара раҳҭоит". – ҳәа еиҭеиҳәеит Гогәуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: