Арекорд ҿыц: уахыки-ҽнаки рыла Китаи 242-ҩык ԥсит авирус иахҟьаны

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны 1,3 нызқьҩык ԥсхьеит. Зынӡа ачымазара рыман 48,2 нызқьҩык. Урҭ рҟынтәи 8,2 нызқьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Китаитәи апровинциа Хубеи аҟны ииасыз уахи-ҽни рыбжьара 242-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Зынӡа рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1369-ҩык.

Акоронавирус иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара еизҳауеит

Атәыла анапхгара рҽазыршәоит аҿкы аҽамырҭбаара. Аҽа 2600 медицинатә усзуҩ апровинциа аҳҭнықалақь Ухань ахь инашьҭуп.

Китаи анапхгара ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы аҳәамҭа ҟарҵеит апровинциа Хубеи аҳҭнықалақь Ухань ачымазара ҿкы ҿыц— коронавирус 2019-nCoV шцәырҵыз.

Акоронавирус инадҳәаланы адунеи зегьы аҿы анырра ыҟоуп. Убас, Барселона имҩаԥысраны иҟаз амобилтә индустриа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Mobile World Congress (MWC) арыцхә еиҭаркит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: