Ҭырқәтәыла идырым ахаҵа адәқьан аҟны ауаа руал ишәеит

Ҭырқәтәыла ақалақьқәа руак аҟны ауаа рфинанстә ҭагылазаашьа инамаданы аҭыԥантәи адәқьанқәа рҿы уалла афатә-ажәтә аархәоит. Адәқьанқәа рыԥшәмацәа урҭ ашәҟәы ианырҵоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диарбакыр аҟны идырым хаҵак адәқьанқәа руак аҿы ауалшәҟәы ианыз зегьы ирықәыз ауал ишәеит ҳәа аанацҳауеит ателеканал NTV.

Адәқьан зхатәу ателеканал аинтервиу аҭо иҳәеит адәқьан аҿы идырым хаҵак дышнеиз, аҭыԥантәи ауааԥсыра руал зегь ишәар шиҭаху атәы шиҳәаз.

"12,5 нызқь лир (2000 доллар инареиҳаны) анишәа ашьҭахь, ауал зныз ашәҟәы адаҟьақәа анжәаны иблит", - ҳәа еиҭеиҳәоит адәқьан аԥшәма.

Ауал зқәыз реиҳараҩык азныказ агәра рзымгеит уаҳа уал рықәым ҳәа.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра Робин Гуд зыхьӡырҵаз идырым ахаҵа ииасыз ашықәс анҵәамҭазы Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны зылшара ԥку ауаа уалла акрахьаархәоз адәқьанқәа рҟны руалқәа ишәахьан, амҩаҿы иԥылоз ахәыҷқәеи иӷару ауааи аԥара рзишон.