Ҭырқәтәыла авандалцәа ақьырсиан ԥсыжырҭақәа дырбгеит

Уаанӡа Анкара иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхов адырра ҟаиҵахьан шьамтәылатәи Идлиб аҭагылазаашьа аибарххара асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла аҿагыларатә ҳәамҭақәа цәырнагеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара авандалцәа жәабала ақьырсиан ԥсыжырҭақәа дырбгеит. Имаҷымкәа ирхәымган Урыстәыла иалҵыз рыԥсыжырҭақәагьы ҳәа аҩуеит Hurriyet.

Зынӡа 20 рҟынӡа ԥсыжырҭа рбган Ортакаи ақалақь аҿы.

Иаанкылан фҩык ақәыԥшцәа. Дара ааныркылеит аԥсыжырҭа ахьчаҩцәа, нас аполициаа ирырҭеит.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу аҭо Анкара иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхов адырра ҟаиҵахьан шьамтәылатәи Идлиб аҭагылазаашьа аибарххара асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла аҿагыларатә ҳәамҭақәа цәырнагеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: