ВОЗ коронавирус зызшәарҭоу агәыԥқәа алыркааит

Иахьатәи аамҭазы коронавирус Китаи анҭыҵ измоу ауаа рхыԥхьаӡара 694-ҩык ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Акоронавирус зыхьыр зылшо ҳәа ишәарҭоу агәыԥқәа рахь иаҵанакуеит – абыргцәа. Убри аан ахәыҷқәа шамахамзар COVID19 рыхьуам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Акоронавирус иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара еизҳауеит

Гебреиесус иазгәеиҭеит коронавирус агәыҵәкра мрагыларааигәатәи ареспиратортә синдроми раҟара ишшәарҭам.

"80% апациентцәа. COVID19 змоу ргәабзиара шьақәгылоит. 14% ирыдаапкылар алшоит. 5% ачымазцәа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылоит", - иҳәеит иара.

ВОЗ адыррақәа рыла Китаи 70 635–ҩык COVID19 рыхьхьеит. Урҭ рҟынтәи 1772-ҩык ԥсит. Иахьатәи аамҭазы коронавирус Китаи анҭыҵ, 25 тәыла рҟны измоу ауаа рхыԥхьаӡара 694-ҩык ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: