Коронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит

Китаи иахьаҵанакуа коронавирус змоу рхыԥхьаӡара 75,4 нызқьҩык ыҟоуп. Китаи алаҵа аус адулара мҩаԥысуеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа инарываргыланы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Акоронавирус ҿыц аҟынтәи алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа ирылагараны иҟоуп мшаԥымзазы ҳәа аҩуеит РИА Новости КЖәР аҭҵаарадыррақәеи атехнологиақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Сиуи Наньпин иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Акоронавирус ҿыц аҟынтәи алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа ирылагараны иҟоуп мшаԥымзазы ҳәа ҳазыԥшуп", - иҳәоит иара.

ВОЗ коронавирус зызшәарҭоу агәыԥқәа алыркааит

Китаи алаҵа аус адулара мҩаԥысуеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа инарываргыланы.

КЖәР аҭҵаарадыррақәеи атехнологиақәеи рзы аминистр Цзен Исинь иазгәеиҭеитКитаи аус здырулаз алаҵа аԥстәқәа рҿы рԥышәара иалагоит ҳәа.

Уи анаҩс имҩаԥгатәхоит уи ашәарҭадара ашьақәыргылара.

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц - 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: