Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы имҩаԥысит астол гьежь амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы иирамш аҳаҭыраз.
"Сара Дырмит Гәлиа афырхаҵа ҳәа сишьҭоуп, иара иаԥхьагылара даара иуадаҩуп, адоуҳатә культураҿы аԥхьагылара еиҳагьы акраҵанакуеит. Убри азы уи дфырхаҵоуп, иара далазхуа аамҭоуп, аха ҳара иара иҟаиҵаз, абриаҟара аџьабаа здибалаз ҳмырӡроуп, еихаҳҳароуп, уи ауп аҩны-амузеи аиҭарҿыцра апроблема еснагь изысҳәо. Ҳмузеи баҟаҵас иҟоу ак акәым, иара иахьеи уахеи аус зуа, зыԥсы ҭоу хәышҭаароуп, ашықәсан зықьҩыла ашколхәыҷқәа мацара аҭаауеит, иаҳҭаху аҩны ишахәҭо еиԥш аҟаҵара, аекспонатқәа реиқәырхыра, реизырҳара, реихаҳара ауп. Ара иааиуа ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа азҿлымҳара рымоуп, ус иахәаԥшны мацара ицаӡом", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иира амш - аԥсуа жәлар рмилаҭтә ныҳәоуп
Корсаиаԥҳа: ҳцәажәозар, ҳзырцәажәо Дырмит Гәлиа иоуп