Шәышықәса ирҭысхьоу: Гагьида ақыҭа игылоу ашкол

Sputnik

Гагьидатәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит зынӡа 65-ҩык ашколхәыҷқәа. Ашкол ахыбра раԥхьаӡакәны иргылан 1898 шықәса рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) шьаҭанкыла иблын. Аҩынтә раан ашкол блын 1998 шықәса рзы, ақырҭуа партизанцәа Гал араион рнапаҿы иааргарц рҽаназыршәоз аамҭазы Аԥсны арбџьармчқәа ахы ианақәиҭыртәуаз.

Иахьатәи аамҭазы ашкол ахыбра арҽеира азҵаара ақәыргылара шаҭаху ӷәӷәала ианыԥшуеит. Аҵаратә процесс анагӡаразы акласстә уадақәа урыҩналаратәы иҟам, аҭуанқәа аӡы ркылсуеит, аӷәтәы дашьмақәа ашықәс рацәа рныԥшуеит, иажәит, иуҵабго аҟынӡа, аҭӡамцқәа ракәзар, еилаҳарц акгьы рыгым. Ашкол аҩнуҵҟа ахәыҷқәа ирымам абаҩрҵәыра аурокқәа ахьымҩаԥырго азали, насгьы ахәылԥазқәеи, аныҳәақәеи ахьымҩаԥыргаша иақәнагоу акттә азали.

Аԥсны аҵыхәан: ҳтәыла реиҳа инаскьагоу ақыҭақәа руак аҟны ашколхәыҷқәа рыԥсҭазаашьа

1 / 11
Гагьидатәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит зынӡа 65-ҩык ашколхәыҷқәа.
2 / 11
Ашкол ахыбра раԥхьаӡакәны иргылан 1898 шықәса рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) шьаҭанкыла иблын.
3 / 11
Аҩынтә раан ашкол блын 1998 шықәса рзы, ақырҭуа партизанцәа Гал араион рнапаҿы иааргарц рҽаназыршәоз аамҭазы Аԥсны арбџьармчқәа ахы ианақәиҭыртәуаз.
4 / 11
Гагидская средняя школа
5 / 11
Аҵаратә процесс анагӡаразы акласстә уадақәа урыҩналаратәы иҟам, аҭуанқәа аӡы ркылсуеит, аӷәтәы дашьмақәа ашықәс рацәа рныԥшуеит, иажәит, иуҵабго аҟынӡа, аҭӡамцқәа ракәзар, еилаҳарц акгьы рыгым.
6 / 11
Акрыфарҭа ахаҭыԥан ирымоу ашкол аҩнуҵҟа акәымкәа, маҷк инаскьаганы ашкол иаҿаԥшьу ргыларак, уаҟа ирӡуеит ашыла иалху ахаақәа.
7 / 11
Гагьидатәи абжьаратә школ аҟны аус зуа арҵаҩцәа егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи иаауа роуп.
8 / 11
Ашколхәыҷкәа аӡәырҩы сааҭла амҩа иқәхоит ашкол аҿы инеирц азы, уи зыхҟьогьы ақыҭаҟны ахәыҷқәа назга-аазго автобус аҟамзаара ауп.
9 / 11
Иахьатәи аамҭазы ашкол ахыбра арҽеира азҵаара ақәыргылара шаҭаху ӷәӷәала ианыԥшуеит.
10 / 11
Кыр шықәса ҵуеит ашкол аҩнуҵҟа арҽеирақәа мҩаԥырымгеижьҭеи, аҭагылазаашьа асҟак ишыуадаҩугьы, аҭыԥантәи ашколхәыҷкәа аҵара процесс рҽагдырхом.
11 / 11
Ашкол анапхгареи уаҟа аус зуа арҵаҩцәеи изларҳәо ала, иҳәынҭқарратәым аилахәырақәа ҩышықәса раԥхьа ажәа рырҭахьан ашкол арҽеира нап шадыркуа атәы, аха иахьа уажәраанӡа лҵшәа ыҟаӡам, аха ашкол анаԥхгара шыԥшыц иԥшуп.