Афымцастанциа аргылара иахырҟьаны ижәытәӡатәиу ақалақь адунеи ианыҵыр алшоит

Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу ақалақь Хасанкеиф 12 000 шықәса инарзынаԥшуа иахыҵуеит. Абри ақалақьи, 200 рҟынӡа қыҭеи, аҭоурыхтә ҟазшьа змоу аҭаԥқәа 4000 адунеитә хсаала ианыӡаар алшоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Афымцастанциа "Илису" аргылара иахырҟьаны аӡиас Тигр иаԥынгылоу ижәытәӡатәиу ақалақь Хасанкеиф адунеи ианыҵыр алшоит. Иара аҭыԥ аҿы аусура иалагоит афымцастанциа ҳәа аанацҳауеит Euronews.

Ҭырқәтәыла анапхгара рдыррақәа рыла афымцастанциа атәылатә фымцалшара аҟынтәи 4% афымцалашара аанашьҭуа иҟалоит. Аханатә ари аргылара иаҿагылан аҭыԥантәи ауааԥсыра, аекологцәа, аҭоурыхдырыҩцәа аха атәыла аиҳабыра апроект мап ацәырымкит.

Аӡиас нырцә, Хасанкеиф Ҿыц аҿы идыргылахьеит 760-ҩны, аџьаама, ашкол, ахәаахәҭратә центр, амузеи.