Арадио

Гәарамиа Гәылрыԥштәи акалмаҳааӡарҭа аусуразы: аԥхын иҳарҳаз ала аӡын ҳҭысуеит

Гәылрыԥшь араион акалмаҳааӡарҭа аиҳабы Беслан Гәарамиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит русура иацу ауадаҩра атәы.
Sputnik
Гәарамиа Гәылрыԥштәи акалмаҳааӡарҭа аусуразы: аԥхын иҳарҳаз ала аӡын ҳҭысуеит

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы. Гәылрыԥшь араион иамшны иазыԥҵәоуп аҩаша.

"Акалмаҳа зегьы бзиа ирбоит, аха ауаа алшара рымам ргәы ианаҭаху аамҭазы уи рфартә еиԥш. Урыстәылантә иаауа аԥсшьаҩцәагьы 300 грамм иҟоу аԥсыӡ ҩыџьа еиҩшаны ирфоит. Аԥсҭазаара бзиа ыҟазҭгьы акалмаҳа иаҳагьы изҭаххо ауаа ҟалон. Уажәы иҳамоуп 20 нызықь цыра шәи ҩажәа грамм иҟоу, аԥхынӡа рыкапан еиҭа 300 грамм иацлароуп, уажәы дара ирхыҵуеит шықәсык. Рыфатә ахә цәгьоуп, иандухалак иара иафаз узыргьежьӡом иаазхәо дҟамлар. 2 тоннак еиҳаны аԥсыӡ аԥхын иҳамҭииц. Аӡын зынӡаск иаазхо дыҟам аԥхын иҳарҳаз инеиқәҵаа-ааиқәҵо ҳааиуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәарамиа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.