Кремль Урыстәыла Аконституциа аариашарақәа ралагалашьа иалацәажәеит

Урыстәылатәи Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы жәларзегьтәи абжьыҭирақәа ррыцхә шьақәыргылахар ҟалоит жәабран 26 рзы Путини аусутә гәыԥи реиԥылараан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Аконституциатә ариашарақәа ралагалара авариантқәа ишрылацәажәо азы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Песков ишазгәеиҭаз ала адокумент анапаҵаҩразы ахада иахь инашьҭхоит Аҳәынҭқарратә думаҿы ианрыдыркылалак ашьҭахь.

"Ахада инапы анаҵеиҩлак ашьҭахьгьы ариашарақәа хәҭакны ауп азинмчра шроуа. Жәларзегьтәи абжьыҭира анымҩаԥыслак ашьҭахь ауп азинмчы нагӡа роураны ианыҟоу. Ари аҭагылазаашьа Путин изныкымкәа дазааҭгылахьеит", - иҳәеит иара.

Владимир Путин ажьырныҳәамзазы Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ирыдигалеит Аконституциахь ариашарақәа алагалазарц.

Ариашарақәа рзырхоуп ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рырҭбаара, аконституциатә шьақәгылара арӷәӷәара.