Кәарҷиа афестиваль "Аԥхьарца" азы: ҳхықәкы наӡеит
© Sputnik
"Афестиваль инеиԥынкыланы жәашықәса имҩаԥаагоит, хықәкы хадасгьы иҳамоу жәлар рмузыка арҳәагақәа реиҭарҿыцра, ажәлар рыларҵәара, агәыбылра дыркра, жәлар рмузыка аизҳара ацхраара ауп. Уаҩы игәеиҭаратәы дыҟоуп шықәсык аасҭа егьи ашықәс азы агәыԥқәа шахаҵгыло, ррепертуар шдырҭбаауа, иҿыцу аԥҵамҭақәа шадырҳәо. Ари даара агәахәара ҳнаҭоит, ҳхықәкы наӡеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аԥсны иҟоу аоркестрқәа рнаҩс афестиваль рхы аладырхәуеит ашаԥсыӷи аҟабарда оркестрқәеи. Афестиваль мҩаԥысуеит иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны асааҭ 18 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.