Мариа Шарапова аԥкьаҭмпыл аанлыжьуеит

Аспортсменка 32 шықәса лхыҵуеит. Лара лкариера 28 шықәса ирықәуп, ари аамҭа иалагӡаны Ашлем ду иаҵанакуа атурнирқәа хәба рҟны аиааирақәа лгеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Урыстәылатәи аԥкьаҭасҩы Мариа Шарапова лкариера аанлыжьуеит ҳәа аҩуеит ажурнал Vanity Fair.

"Уԥсҭазаара аиҳара ныжьшьас иамоузеи? Уаныхәыҷыз инаркны уаҽахьазыҟауҵоз аҭыԥқәа, 28 шықәса бзиа иубоз, агәырӷьаратә лаӷырӡқәа узаазгоз ахәмарра ныжьшьас иамоузеи? Саҭоумҵан. Раԥхьатәи ашьаҿақәа еихызгоит аԥқьаҭмпыл ада. Аԥкьаҭмпыл – абзиараз ҳәа уасҳәоит", - лыҩуеит лара ажурнал аҿы.

Шарапова адунеитә ԥкьаҭасратә ассоциациа WTA ареитинг аҿы иаанылкылоит 373-тәи аҭыԥ.