АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин дақәшаҳаҭхеит Аконституциахь ариашарақәа рзы абжьыҭира арыцхә – мшаԥы 22.
Абжьыҭира арыцхә азы аинформациа шьақәирӷәӷәеит азакәанԥҵараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Павел Крашенинников.
Арыцхә аиԥылараан ирыдигалеит аусутә гәыԥ ацхантәаҩы Андреи Клишас. Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Ачгара ду анҵәамҭеи (мшаԥы 19) Рамадан мза алагамҭеи (мшаԥы 24) рҳәааҿы.
Аконституциахь ариашарақәа рзы азакәан азинмчы аиуеит азеиԥшурыстәылатә бжьыҭира ашьҭахь.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
50 рҟынӡа закәанԥҵаратә акт рҽырыԥсахуеит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа рзы