Аҵарауаа иазгәарҭеит адунеитә тҟәацра шыҟаз

Атҟәацра иахырҟьаны уаанӡатәи арекорд аасҭа хәынтәны еиҳахаз аенергиамчхара аршәит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Атҟәацра ду ҳәа изышьҭоу аасҭа иеиҳау атҟәацра азгәарҭеит Арадиоастраномиатә ҭҵаарақәа Жәларбжьаратәи рцентр (ICRAR) аҿы ҳәа аанацҳауиет EurekAlert.

"Атҟәацра знык ала иҟамлеит – ишьшьылаҳау тҟәацрахеит. Миллион шықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуан", - еиҭеиҳәоит апрофессор Мелани Джонстон-Холитт.

Атҟәацра аҭыԥ аман акылаара еиқәаҵәаҿы, Змееносец захьӡу аеҵәаҽеизгарҭаҿ. Ари аҭыԥ Адгьыл 390 миллион лашара шықәса иацәыхароуп. Атҟәацра иахырҟьаны уаанӡатәи арекорд аасҭа хәынтәны еиҳахаз аенергиамчхара аршәит. Аенергиамчхара убриаҟара иӷәӷәан аеҵәаҽеизгарҭа еимнажәаартә еиԥш. Аимжәаара иҭаӡар алшоит 15 рҟынӡа галактика, Ашьхацамҩа аҟара зышәароу.

Атҟәацра мзызны иазыҟоу аҵарауаа макьаназы ирзеилымкаацт.