Хра злоу ахҭысқәа: Арӡынба аамҭалатәи анхаразы азин ҟазҵо аинвестициақәа рзы
© Sputnik
Жәа-миллионк иреиҵамкәа аинвестициа аҳасабала Аԥсны иалазгало ԥшьышықәса атәылаҟны анхара азин иоур ҟалоит даҽа ҳәынҭқаррак атәылауаҩ. Абри аҩыза ақәҵара рыдыркылеит ари амчыбжь азы ҳтәыла Аминистрцәа реилаазараҿы. Ари аӡбамҭа атәы иаҳа инарҭбааны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аминистрцәа реилазаара аппарат аекономика аусбарҭа аиҳабы Давид Арӡынба.