Ашьха иаԥну: Кәыдрытәи аҩхааҿы инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа

Sputnik

Ажара инхоит 100-ҩык ауааԥсыра, уаанӡа иқәынхоз зегьы 2008 шықәса рзы рыҩнқәа ааныжьны ицеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра арахәааӡареи ашьхымзааӡареи рнапы алакуп. Аҿар ракәзар, урҭ рахьтә ара иаанхаз шамахамзар иуԥылом.

Ажаранӡа унеиаанӡа хәсааҭк инарзынаԥшуа амҩа бааԥсқәа урнысроуп. Ақыҭахь узго амҩақәа зегь ԥҽуп ахаҳәлеира, адгьылҳәазара, иара убас арратә техникеи амашьына дуқәеи ахьықәсуа иахҟьаны.

Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуа аҳаблақәеи атәыла егьырҭ араионқәеи еиманадоит атоннель. Уи ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит иара ахьеиҟәшьшьаз иахҟьаны аҭагылазаашьа уашәшәырахеижьҭеи. Есыҽны уи аиҟәшьшьара аура иацлоит. Уажәы 54 метра инаӡоит. Атоннель аремонт аҟаҵаразы, аекспертцәа иҟарҵаз ахәшьарала, иаҭахуп 240 миллион мааҭ.

Ажара унаӡаанӡа аҳабла Чхалҭа ыҟоуп. Ара Михаил Саакашвили инапхгара аамҭазы иргылан аҳабла ахадара ахыбрақәа, ашкол, ахәыҷбаҳча, аполициа ахыбрагьы ыҟан. Урҭ зегьы рбган Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар аҟынтәи аҭарцәраан имҩаԥгаз аоперациа аан. Усҟан ара инхоз ауааԥсыра реиҳарак рҭыԥ иахыҵны ицеит.

Ажара агәаны ақыҭатә хәышәтәырҭа гылоуп. Уи иаҭаху амыругақәа рыла еибыҭоуп, раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы иаҭаху ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп. Аха ара аус зуа медиаҳәшьа заҵәык лоуп. Ачымазцәа рахь днеиразы инамҩатәны дызго амашьынақәа рыла ацара лықәшәалоит, избанзар иҟам ацхыраара ласы амашьына.

Ажара Аԥсны иахәҭакны иҟоуижьҭеи уажәшьҭа 12 шықәса шҵуагьы, уи ауааԥсыра уажәыгьы аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рымам. Ақалақь ахь иааразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны иоузышьҭуа ашәҟәқәа ылырхлароуп.

1 / 17
Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуеит 18 ҳаблеи ақыҭа Ажареи. Ақыҭсовет ари ақыҭаҿоуп иахьыҟоу. Аҟәантәи Ажара агәанынӡа хәсааҭк инеиҳаны амҩа уқәхоит.
2 / 17
Ажаратәи ақыҭа анапхгарахь иаҵанакуа аҳаблақәеи атәыла егьырҭ араионқәеи еиманадоит атоннель. Уи ргылан 1964 шықәсазы. Иара иахьа-уаҵәы еилабгар алшоит.
3 / 17
Хышықәса ҵуеит иара ахьеиҟәшьшьаз иахҟьаны аҭагылазаашьа уашәшәырахеижьҭеи. Есыҽны уи аиҟәшьшьара аура иацлоит. Уажәы 54 метра инаӡоит.
4 / 17
Ажаранӡа амҩа бааԥс иацәымшәо амашьынақәа рыла заҵәык ауп анеира злалшо
5 / 17
Ажара унаӡаанӡа аҳабла Чхалҭа ыҟоуп. Ара 2008 шықәсанӡа Қырҭтәыла аиҳабыратә хыбрақәа ыҟан.
6 / 17
Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар аҟынтәи аҭарцәраан имҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь ара инхоз ауааԥсыра реиҳарак рҭыԥ иахыҵны ицеит.
7 / 17
Абас ауп Ажаратәи абжьаратә школ иахьа ишыҟоу, ара уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит аурокқәа мҩаԥымсуеижьҭеи.
8 / 17
Ажара ақыҭан аус ауеит ахәышәтәырҭа. Уи иаҭаху амыругақәеи ахәшәқәеи рыла еиқәыршәоуп аԥҟарақәа рымҩаԥгаразы. Аха аҳақьымцәа рхаҭақәа ыҟаӡам.
9 / 17
Галина Гәынба – Ажаратәи ахәышәтәырҭаҟны аус зуа амедиаҳәшьа заҵә лоуп. Лара лыда ара уаҳа усзуҩ дыҟам.
10 / 17
Шьҭрала и-Гәдоуҭатәиу аԥҳәыс ари ақыҭахь диасит 2008 шықәсазы. Уажәы лара дынхоит ахәышәтәырҭа иавагылоу ҩын хәыҷык аҿы.
11 / 17
Ажарахь игоу амҩала иуԥылоит аԥсабара ԥшӡа, Кәыдры аӡиас абжьы улымҳа иҭыҩуеит.
12 / 17
Уаанӡа ара игылан абанкомат, уажәы уи аус ауам.
13 / 17
Тариел Ашәба ида Ажара инхо уаҳа аԥсыуак дыҟам. 76 шықәса зхыҵуа ахаҵа ақыҭанхамҩа инапы алакуп, дшәарыцоит.
14 / 17
Иахьа Ажара инхоит 100-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.
15 / 17
Годерӡи Гочиани иашҭаҿы дгылоуп. Иара аус иуеит иқыҭаҿы иҟоу Аӡытә фымцастанциа маҷ аҿы, инапы алакуп арахәааӡареи ашьхымзааӡареи.
16 / 17
Нонна Горчиани – Ажара ииз, иааӡаз лоуп. Иахьатәи аамҭазы ара инхаз аҿар зынӡа имаҷуп.
17 / 17
Амилициа аҟәша иахашәыршәыруеит аԥсуа бираҟ. Ажара ашәарҭадара дахылаԥшуеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ заҵәык.