Идлиб ажәҩан аҿы шьамтәылатәи аҳаирыпланқәа карыжьит

Хәажәкыра 1 азы шьамтәылатәи ар ркомандаҟаҵара аҳәамҭа ауит Идлиб иахьаҵанакуа аҳаиртә ҵакыра аркхоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Ҭырқәтәылатәи аруаа Идлиб ажәҩан аҿы шьамтәылатәи аҳаирпланқәа карыжьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура САНА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амаҵзура адыррақәа рыла аԥрыҩцәа еиқәхеит.

Убри аан хәажәкыра 1 азы шьамтәылатәи ар ркомандаҟаҵара аҳәамҭа ауит Идлиб иахьаҵанакуа аҳаиртә ҵакыра аркхоит, ихыло аҳаирыпланқәа кажьхоит ҳәа.

Идлиб аҭагылазаашьа аҽаруадаҩит атеррористцәеи шьамтәылатәи ари жәабран 27 рзтәи реиҿагылара ашьҭахь. Усҟан ҭырқәтәылатәи аруаа ҭахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: