"Аҳазалхра иадҳәалоу атерминқәа ҳбызшәаҿы рацәак ахархәара ахьрымам азы, сацәшәон ауаа ишрыдыркыло ҳәа, аҳәоуқәа ииашаны реиҿартәышьеи, ажәа аиҭагара мацара акәымкәа, аҵакы ауаа рҟынӡа анагара аларшахарыма ҳәа. Иахьынӡазалшоз дара ажәахәқәа ҟазҵоз рыбзоурала аилатәара мҩаԥысит аԥсышәала. Ҳусура иадҳәалоу атерминқәа рзы 2015 шықәса рзы Мсаусҭ Шамба инапхгарала иҭыжьын аԥсуа-англыз-аурыс жәар. Хә-нызқь ажәа рҟынӡа еиҭаган иҟоуп, ауаа рхы иадырхәартә еиԥш, аха уи азы аԥышәа аҭахуп. Аԥсышәала аизара ҟаҳҵап ҳәа аидеиа сыдызгалаз Асида Кәыҵниаԥҳа лоуп, аҳазалхраҿы анализи астатистикеи дреиҳабуп. Ажәахәқәа равторцәа рхала зегьы еиҭаганы, еиқәыршәаны аколлегиа ҟалараны мышқәак шагыз санырзыӡырҩы, ҳагәҭакы шалҵуаз збеит. Агхақәа амоуп, ҳәарада, аха аамҭа иаҳнаҭаз алшарақәа рыла ицәгьам ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Инаԥшьба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.