Гындиа амцакрақәа рзы: аԥсабара ҳацымхраакәа арцәара уадаҩуп
© Sputnik
"Март 5 рзы адырра ҳауит Ешыра аҩадахьы амца акуп ҳәа, Афонтәи амцарцәаҩцәа уахь идәықәаҳҵеит. Аҭыԥаҿы шьапыла инеит, аха амца арцәара залыршамхеит, уахь узнеиуамызт, ацаҟьа былуан. Иахьа ҩаԥхьа аԥшыхәра ицеит амцарцәаҩцәа, адырра ҳарҭеит километрак инеиҳаны цәаҳәала амца шцо. Иаха ирбаз ацәаҳәа иацлеит, ҽеишәа иубаӡом алҩа ҭачны иҟоуп. Уи Ешыра мацара акәым, ааԥын ааит, амцакрақәа ҳрымҽхаркит. Аԥсабара ҳацымхраакәа арцәара уадаҩуп. Иахьа адырра ҳауит Гал, Очамчыра, Гагра араионқәа рҟны амцакрақәа шыҟоу", - иҳәеит Гындиа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҩада Ешыра иахьаҵанакуа амца ахьаку абнараҿынӡа амцарцәаҩцәа зымнеиит