Арадио

Мықәба еиҭеиҳәеит Џьырхәа ақыҭаҿы анхацәа зыргәамҵуа атәы

Џьырхәа ақыҭа ахада Аслан Мықәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы анхацәа зыргәамҵуа атәы.
Sputnik
Мықәба еиҭеиҳәеит Џьырхәа ақыҭаҿы анхацәа зыргәамҵуа атәы

Иахьа Џьырхәа ақыҭан 300 ҭӡы инареиҳаны иҟоуп. Анхацәа милаҭла еиуеиԥшым, аԥсуаа рыдагьы ақыҭаҿы инхоит абырзенцәа, аурысцәа, аерманцәа. 

"Анхацәа ақыҭаҿы изыргәамҵуаны ҳәа иҟоу афымцалашароуп. Џьырхәа шьаҟакгьы ыҵҳамҵац, цәаҳәакгьы кнаҳамҳацт. Ашьаҟақәа ԥсахтәуп, атрансформаторқәа хәба рҟынӡа иқәыргылатәуп, уи аус мариам. Сымсымаа ахьынхо аҳаблаҿы ацәаҳәақәа х-километрак абна илсны иаауеит, ашьаҟа дуқәа ргыланы убри ҳзаагар ауп иаҳҭаху. Мҷышьҭа аҩбатәи абригада ҳәа иахьашьҭо аҳаблазы, ашьаҟақәа ҳамоуп, ацәаҳәагьы ааҳгахьеит, иҳамаз атрансформатор еиҭашьақәыргылан иаҳзааргеит, аусурақәа ҳалагарц ҳҭахуп. Амҩақәа ракәзар, ҳацәгьаӡам. Хәышықәса ирылагӡаны 13 километрак рҟынӡа акаҭран ықәҵан, егьырахь абӷанҷ иқәԥсаны иҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мықәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.