"Акурдцәа рызҵаара еснагь иҵарны иқәгылазаауеит. Ус традициала иҟалеит Асовет Еидгыла ахаангьы урҭ ирыдгылон, аҵыхәтәанынӡа абри Шьамтәыла акәша-мыкәша акризис ҟалаанӡа Урыстәылагьы адгылара рырҭон. Иазгәаҭатәуп, Шьамтәыла иӷәӷәаны аҭыԥ амоуп ажәлар динхаҵарала, милаҭла реихшара, урҭ зегьы акны рыҟаҵара жәашықәсала аамҭа аҭахуп. Уажәы раԥхьа иргыланы аибашьратә ҟазшьа змоу аиҿагылара аанкылара аҭахуп. Сгәанала Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа Москва реиԥылара урҭ ахҭысқәа ирыцхраароуп. Абри мызқәак рыла иубаратәы иҟалоит аҭышәынтәаларахь ииасуа мамзаргьы даҽа еиҿагыларак ашҟа инанаго. Аиԥылара алҵшәа аиуа иамаиуа иаҳбоит мызкы иалагӡаны", - иҳәеит Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.