Арадио

Цкәуа аполитикатә лаф азы: аҿар ирбо ауп ирҳәо

Ақьачақьцәеи алахҿыхцәеи рклуб апремиер-лига апродиусерцәа руаӡәк Михаил Цкәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәмарраҟны аҿар еиҳа аполитика ауп алаф зхырҳәаауа ҳәа.
Sputnik
Цкәуа аполитикатә лаф азы: аҿар ирбо ауп ирҳәо

Ақьачақьцәеи алахҿыхцәеи рклуб апремиер-лига акы аԥшьбатәи афинал мҩаԥысит хәажәкыра 9 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны.

"Ахәмарра зхы алазырхәа уажәы иаҳа еиӷьызшәа збеит, иазҳауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аполитикатә лаф излауала аредакциа азаҳуан, аха иактуалтәу аусқәа, атемақәа еснагь азҿлымҳара рымоуп. Иахьа ашьыжь ҳала ааҳартыр иаҳбо, иҳаҳауа аполитика ауп. Сгәаанагарала уажәы алхрақәа мҩаԥысыр, хәышықәса рнаҩс егьырҭ ҳарзыԥшып ҳәа, аха иамур аҿар ҩаԥхьа уи алаф ахырҳәаалоит, избанзар иҟоу ауп ирҳәо", - ҳәа азгәеиҭеит Цкәуа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: