Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аконституциахь ариашарақәа аднакылеит

Адокумент ариашаразы иадгалан 400 рҟынӡа жәадгала, урҭ реиҳарак азыԥхьагәаҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аконституциахь ариашарақәа аднакылеит ҳәа аанцҳауиет РИА Новости.

Адокумент адкыларазы рыбжьы рҭиит 383 депутат, 43-ҩык адепутатцәа абжьыҭира рҽацәхьаркит, аӡәгьы аҿагылара аимҭеит.

Владимир Путин ажьырныҳәамзазы 30 рзы Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ирыдигалеит Аконституциахь ариашарақәа алагалазарц. Ариашарақәа рзырхоуп ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рырҭбаара, аконституциатә шьақәгылара арӷәӷәара.

Адокумент ариашаразы иадгалан 400 рҟынӡа жәадгала, 200 рҟынӡа азыԥхьагәаҭахеит, 175- мап ацәыркит.

Аконституциахь ариашарақәа рзы азакәан азинмчы аиуеит азеиԥш урыстәылатә бжьыҭира ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: