Арадио

Григолиаԥҳа еиҭалҳәеит Бзыԥҭа ақыҭаҿы анхацәа зыргәамҵуа азҵаарақәа ртәы

Бзыԥҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Алла Григолиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
Sputnik
Григолиаԥҳа еиҭалҳәеит Бзыԥҭа ақыҭаҿы анхацәа зыргәамҵуа азҵаарақәа ртәы

Иахьазы Бзыԥҭа аҳабалаҿы инхоит ф-нызқь инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ милаҭла еиуеиԥшым, иҟоуп аԥсуаа, аурысцәа. аерманцәа.  Ақыҭаҟны х-школк аус руеит: аԥсуа, аурыс, аерман. Ахәыҷҩбаҳчақәа ракәзар, иаартуп ҩба.  

"Амҩақәа, аӡымҩангақәа, афымцалараша уҳәа, егьырҭ ақыҭақәа зегьы рҿеиԥш ауадаҩракәа ҳамоуп. Аӡынра анааилак, афымцалашара амч иаразнак имаҷхон, аха уажәазы уи ауадаҩра аԥыхуп. Иргылоуп ашьаҟақәа ҿыцқәа, имҩангоуп ацәаҳәақәа, иааргеит атрансформаторгьы, уи аргылароуп иаанхаз. Иара убри адагьы иҟоуп амҩадуқәа зҭагылазаашьа уадаҩу, Дружба ҳәа изышьҭоу амҩа зегьы акаҭран ықәҵатәуп, аха ҭыԥ-ҭыԥла иҟаҵоуп. Аӡымҩангагақәа рыԥсахра азҵаара атәы акәзар, 136 нызықь мааҭ рыхә ацәаҳәақәа аахәоуп, урҭ рыԥсахразы аусурақәагьы иаарласны ихацыркхоит. Аргыларатә сметала ари аусқәа зегьы ирықәхарџьхоит ԥшьмиллионк мааҭ рҟынӡа", - еиҭалҳәеит Григолиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.