ВОЗ коронавирус иадҳәало аҭагылазаашьа пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит

ВОЗ адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иааиуа аамҭақәа рзы ҳазыԥшуп авирус еиҳагьы аҽарҭбаауеит ҳәа. COVID-19 пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа ахәшьара аҳҭеит", - иҳәеит Женева, абрифинг аҿы ВОЗ адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус.

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

ВОЗ адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: