Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хәҩык акарантин ахь ишьҭуп

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла адунеи аҟны коронавирус рымоуп 120 000-ҩык. Хәнызқьҩык рҟынӡа рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Коронавирус рымазар ҟалап ҳәа гәҩарас иҟаҵаны Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хәҩык акарантин ахь ишьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия ареспублика аинформациеи акьыԥхьи рзы аилак аиҳабы Мариа Котаева лажәақәа шьаҭас иганы.

"Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хәҩык акарантин рыдҟаҵалоуп. Уи иаанагом урҭ авирус рымоуп ҳәа. Акарантин ҩымчыбжьа ицоит. Абри аамҭала еилкаахоит ауаҩы игәы бзиоу дычмазаҩу", - лҳәеит лара.

Хәажәкыра 12 рзы авирус идырбалеит Ҟәбан ауаҩԥсы.

Урыстәыла иахьазы 34 хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп.

Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус аӡәгьы идбалам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: