Арадио

Нанба: ҳаныхәыҷқәаз ахәмарха аамҭа ҳаманы ҳәа исгәалашәом

Иахьа ԥхьатәара иҟоу аинрал Закан Нанба хәажәкыра 13 аҽны 70 шықәса ихыҵит. Аиубилиар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит ихәыҷра шықәсқәа.
Sputnik

 

Нанба: ҳаныхәыҷқәаз ахәмарха аамҭа ҳаманы ҳәа исгәалашәом

"Сара исгәалашәом ҳара ҳаныхәыҷыз ҳахәмаруан ҳәа. Бармышь ҳанхон, аҭаацәараҿы ааҩык ахәыҷқәа ҳаҟан, есымша аус ҳуан. Аԥхын ԥсшьара ҳанаурышьҭуаз ҳаншьцәа рахь ҳрышьҭуан, уа ҳахьнеиуазгьы усуран, ҽагкран. Исгәалашәоит, ҳаизон 15-ҩык реиԥш ахәыҷкәа аҽагкра зылшоз. Ҳҭынхацәа ахьынхоз Жәындрыԥшь, Приморск, Бармышь, Ҟәланырхәа, ҳауацәа ҳаарылсны рырашәатәқәа зегьы аҭыԥ инықәаҳҵон. Шьыбжьон, акамерақәа аҭәа ҭагәаны, ҳшьапы ашьа ахьыкәкәа ампыл ҳасуан, уажәеиԥш иабаҟахыз ампылқәа. Шәыԥсы шәшьа ҳәа ҳарҳәон, аха усҟан ампыл асха аамҭа абаҳауаз. Амра аҭашәамҭахь ианнеиуаз еиҭа аҽагкра ҳцон. Аиаша, иахьагьы ақыҭа иацу аџьабаа гәхьаазгоит ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.