УЕФА ачемпионцәа Рлигеи Европа Алигеи рымҩаԥысра ааннакылеит

Мадридтәи аклуб "Реал" ахәмарыҩцәа руаӡәк хәажәкыра 12 рзы коронавирус идырбалеит. Убри инадҳәаланы ашьапылампылтәи амҵәышәмпылтәи клубқәа "Реал" рыхәмарыҩцәа ҩымчыбжьа акарантин рымоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. УЕФА официалла ирыланаҳәеит ачемпионцәа Рлигеи Европа Алигеи рымҩаԥысра шааннакыло. Абри атәы аҳәоит аиҿкаара асаит.

Ашьапылампыл азы афинал 1/8 ахәҭа иарбоу арыцхә азы имҩаԥгахом. Иара убасгьы афинал аԥшьбатәи ахәҭазы аҵәҭаԥсарагьы аҿҳәара иахыгоуп.

"Авирус COVID-19 Европа аҽаларҵәара иахырҟьаны УЕФА аӡбра аднакылеит иааиуа амчыбжь азы УЕФА атурнирқәа рыҿҳәара инахарц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны хәажәкыра 12 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥкуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: